• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
27 сентября 2025

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, ҳаҭыр зқәу Аҟәа ауааԥсыра, ҳақалақь асасцәа!

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа ду – ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭтәра Амш!
Ари амш аҽны, ҳаибашьцәа рџьабаа дуӡӡеи, ргәымшәареи, ахамеигӡареи, аҭынчреи ахақәиҭреи рахь ашьаҿа хада ҟаҵан.
Иахьа, ҳхы ларҟәны иаҳгәалаҳаршәоит ҭынч жәҩан аҵаҟа ҳақалақь аргылареи аҿиареи рзы зхы ақәызҵаз. Урҭ рыхьӡ ԥсра ақәӡам!
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, иахьа ҳара ҳветеранцәа, афырхацәа ахақәиҭтәҩцәа. Шәдоуҳа аӷәӷәара, шәыԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабара еиҵагыло абиԥарақәа зегьы рзы иҿырԥшыгоуп.
Ахақәиҭра Амш -агәаларшәареи алахьеиқәҵареи рымацара ракәӡам. Уи, зегь раԥхьаӡа иргыланы, агәыӷра амш ауп. Ҳажәлар аамҭа хьанҭақәа раан ирхыргаз, ирымаз агәыӷра.
Аҟәа еснагь Амшын Еиқәа аԥшаҳәа бырлашны иҟан, иахьагьы иаанхоит.
Уи аԥшӡара, зеиԥшыҟам адоуҳа, асасдкылара.
Ҳара иҳаргылоит аԥеиԥш лаша, аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи ахьыҟоу, ақьиареи аҳаҭырқәҵареи рыхә ҳаракны иахьыршьо.
Даҽазныкгьы зегьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ахақәиҭтәра Амш! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аизҳазыӷьара, зегьы ирыцку-аҭынчра!
Ҳақалақь есымша иҿиалааит!
Аныҳәа шәыдысныҳәалоит!
Прочитано 300 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки